Ильҳам Алиев -  Сынтәа, цәыббра 13 рзы, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан аҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа иазааигәаны, зымҽхак дуу арратә провокациа мҩаҧнагеит
Ильҳам Алиев -  Сынтәа, цәыббра 13 рзы, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан аҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа иазааигәаны, зымҽхак дуу арратә провокациа мҩаҧнагеит

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Шәамахьтәыла ахараиҵеит аҳәаа иаҧну аҵакырадгьылаҿ апровокациа амҩаҧгара. Шанхаитәи аиҿкаара иалоу атәылақәа рсаммит аҿы Алиев ишиҳәаз ала, Азербаиџьан Шәамахьтәыла аднагалеит аҭынчратә аиқәшаҳаҭра, аха, ашәамахь аган ари ашьаҿазы аҭак ҟарҵеит арратә провокациала.

Азербаиџьан ахада жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русушьагьы  игәаҧхом.

Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан ахада Урыстәыла ахада Владимир Путин диҧылоит.

«Азербаиџтьан Шәамахьтәыла аднагалеит  аҭынчратә аиқәшаҳаҭра 5 принципк.

Аха, рыцҳарас иҟалаз, сынтәа, цәыббра 13 рзы, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан аҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа иазааигәаны, зымҽхак дуу арратә провокациа мҩаҧнагеит. Азербаиџьантәи арбџьармчқәа ари апровокациа аҧырхит. Зыӡбахәы ҳәоу апровокациа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара апроцесс даараӡа иаҧырхагахеит. Абри афакт азы аҭакҧхықәра рыдуп Шәамахьтәыла арра-политикатә напхгара», — иҳәеит  Ильхам Алиев.