Ильҳам Алиев – Еврокомиссиа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи апроцессқәа аҽаланагалоит, аколонизаторцәа реиҧш рхы мҩаҧыргоит, бриуссельтәи абиурократцәа ракәымкәа, ажәлар роуп аҩныҵҟатәи азҵаарақәа зыӡбаша
Еврокомиссиа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи апроцессқәа аҽаланагалоит, аколонизаторцәа реиҧш рхы мҩаҧыргоит, — иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев.
Алиев иҳәамҭала, бриуссельтәи абиурократцәа ракәымкәа, ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи апроблемақәа зыӡбаша.
«Аиаша шәасҳәап, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен илҳәаз анеилыскаа уамашәа избеит. Узбекистан имҩаҧысуаз Ацентртә Азиа алидерцәа рсаммит аҿы лара Абжьаратә корридор армариара амзызла Азербаиџьани Шәамахьтәылеи, Шәамахьтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳәаа аартра далацәажәон. Уи уамашәа избеит, избанзар, ари акорридор иҟоуп, Шәамахьтәыла уи аҿы изакәызаалак рольк нанагӡом. Европатәи абиурократцәа Шәамахьтәыла абас изазныҟәо еилаҳкаауеит, аха, ахсаала атәамбара ҟалом. Ҳара, Қырҭтәылеи Азербаиџьани, иахьа европаа Абжьаратә Азиа зегьы аҟны аимадара алшара рызҭо аҭагылазаашьақәа зегьы рзеиқәҳаршәеит: ақырҭуа абаҕәазақәа, аихамҩа Бақәа-Қарҭ-Ҟарс, азербаиџьантәи абаҕәаза, Каспиатәи аҕбаныҟәара уҳәа, абри зегьы аидарамҩангара иацхраауеит, ари аус аҧара ду алаҳҵеит, аха, дара уи иатәарбом.
Дара иатәарымбо зегьы Ҭырқәтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаа рзаанартуеит, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаа рзаанартуеит. Европа уи аҿы усс иамои? Уи дара ирусым – Ҭырқәтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа дара ирусым. Евроеидгылеи абарҭ азҵаарақәеи рыбжьара адистанциа шаҟа идуу аҟара зегьы ирзеиҕьхоит, аха, Қырҭтәыла аӡбахә рымҳәеит, Қырҭтәыла иҟамзшәа. Уи ииашам, Еврокомиссиа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи апроцессқәа аҽаланагалоит, дара аколонизаторцәа реиҧш рхы мҩаҧыргоит. Ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла аиҳабыреи ҳара ҳашрыдгыло рдыруеит. Бриуссельтәи абиурократцәа ракәымкәа, ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи азҵаарақәа зыӡбаша. Убри аҟынтә, Қырҭтәылеи Азербаиџьани ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа иҳарҕәҕәароуп. Уаанӡа ишаҳҳәахьаз еиҧш, шәааи Аахыҵ Кавказаҿ ҳара ҳхала аимадарақәа шьақәҳаргылап, абжьацәажәаҩцәа рыда. Абарҭ абжьацәажәаҩцәа ҳдырааҧсеит», — иҳәеит Алиев.