Ильҳам Алиев Азербаиџьан ахадас официалла дҟалеит
Ильҳам Алиев Азербаиџьан ахадас официалла дҟалеит

Ильҳам Алиев Азербаиџьан ахадас официалла дҟалеит.

Азербаиџьантәи аихқәа ишаарыцҳаз, Азербаиџьан аконституциатә аӡбарҭа апленум апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит.

Азербаиџьан аконституциатә аӡбарҭа ахантәаҩы Фарҳад Абдуллаев ишааицҳаз ала, Ильҳам Алиев Азербаиьантәи ареспублика ахадас бжьышықәсатәи аҿҳәарала далырхит, ари алҵшәа ԥсахшьа амам.

Ильҳам Алиев Азербаиьантәи ареспублика ахадас абжьқәа 92.12% рыла далырхит. Алхрақәа рхы аладырхәит бжьҩык акандидатцәа. Алхыҩцәа рактивра 76.43% иаҟаран. Ацентртә алхратә комиссиа алхрақәа рылҵшәақәа рыларҳәеит жәабран 11 рзы.

Азербаиьантәи ареспублика аконституциа 103-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, иалху ахада аҭоуба шьҭеиҵоит Азербаиџьан аконституциатә аӡбарҭа  апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа анышьақәнарӷәӷәалак хымш рышьҭахь.