Иҟалар зылшо адестабилизациеи аилаҩынтәреи аиҿкаара иадҳәаданы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы аҿахәҿыхрақәа мҩаҧыргараны иҟоуп, уажәазы иҟоу аинформациала, зҿахәы зҿырхуа иреиуп  хҩык  Сербиа атәылауаа

Иҟалар зылшо адестабилизациеи аилаҩынтәреи аиҿкаара иадҳәаданы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы аҿахәҿыхрақәа мҩаҧыргараны иҟоуп.

Аусеилыргаратә усбарҭашҟа ирыҧхьеит  хҩык Сербиа атәылауаа. Уажәазы иҟоу аинформациала, дара агәыҧ  „Канвас“ иалоуп,  Қырҭтәыла иаҭааит асеминар аҽалархәразы.  Аусеилыргаратә процедура иалагараны иҟан асааҭ 15:00 рзы,  аха,  арҭ ауаа уажәгьы аусбарҭашҟа имнеицт.

Цәыббра  18  рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иаланарҵәаз аинформациа ишану ала,  „Қырҭтәыла аҵакырадгьыли уи анҭыҵи иҟоу агәыҧқәа Қырҭтәылаҿ адестабилизациеи,  аилаҩынтәреи аиҿкаара ргәы иҭоуп,  дара хықәкыс ирымоуп атәыла анапхгара мчыла аҧсахра“. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа инақәыршәаны, Қырҭтәыла адестабилизациа аплан еиҿыркааит  Гьаргь Лордқиҧаниӡеи,  Михаил Батурини,  Мамука Мамулашвилии.