Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 243-ҩык рыдбалан
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 243-ҩык рыдбалан

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 243-ҩык рыдбалан,  хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ари атәы аарыцҳаит аҭыԥантәи аих атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ироуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла атәылаҿ иҟаҵан  2 678 атестқәа.

Апандемиа иалагеижьҭеи Шәамахьтәыла aкоронaвирус рыдбалан 219 596-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 4 256-ҩык.