Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 1 138-ҩык рыдбалан
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 1 138-ҩык рыдбалан

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 1 138-ҩык рыдбалан.

Атәылаҿ акоронавирус амзызла рыԥсҭазаара иалҵит 28-ҩык.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Шәaмaхьтәылa ачымазара иалҵит 1 385-ҩык.

Ари атәы аанацҳаит “Ниус ами” атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Ԥхынҷкәын 9 азы иҟоу адыррақәа рыла, инеизакны атәылaҿы aкоронaвирус ирыдбалан  144 066-ҩык, ачымазара иалҵхьеит 120 532 -ҩык. Шәaмaхьтәылa акоронавирус амзызла рыҧсҭазаара иалҵхьеит  2 393-ҩык.