Иенс Столтенберг -  Сара Урыстәыла аган аҟынтә ажәылара ашәарҭара иҭагылар зылшо ҳадгылаҩцәа, Қырҭтәылеи Босниеи Герцоговинеи нрылаҵаны, излауа ала иаҳа ирацәаны рзыҟаҵара иазку аӡбара сахыццакуеит
Иенс Столтенберг -  Сара Урыстәыла аган аҟынтә ажәылара ашәарҭара иҭагылар зылшо ҳадгылаҩцәа, Қырҭтәылеи Босниеи Герцоговинеи нрылаҵаны, излауа ала иаҳа ирацәаны рзыҟаҵара иазку аӡбара сахыццакуеит

«Сара Урыстәыла аган аҟынтә ажәылара ашәарҭара иҭагылар зылшо ҳадгылаҩцәа, Қырҭтәылеи Босниеи Герцоговинеи нрылаҵаны, излауа ала иаҳа ирацәаны рзыҟаҵара иазку аӡбара сахыццакуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Амаӡаныҟәгаҩ хада иаҵшьны иазгәеиҭеит аполитикатәи апрактикатәи адгылара ҵакыс иамоу.

«Аполитикатәи апрактикатәи цхыраара аизырҳара ала, ҳара наҟ-наҟ иҟалар зылшо иарбанызаалак агрессиа аҧыхра ҳалшоит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аҧшьашазы НАТО имҩаҧысуа аиҧылара рхы аладырхәоит Украинеи Қырҭтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа.

«Ҳаиҧылара ихы алаирхәоит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба, иара аҵыхтәантәи ахҭысқәа ирызкны аинформациа наӡа ҳаиҭоит, урыстәылатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәагьы нрылаҵаны.  Аиҧылара рхы аладырхәоит Финлиандиеи, Швециеи, Қырҭтәылеи, Евроеидгылеи рхаҭарнакцәеи, иара убас, Азиа-Аокеан ҭынч арегион аҟынтә НАТО апартниорцәеи  — Австралиеи, Иапониеи, Зеландиа Ҿыци, Кореиеи», — иҳәеит Иенс Столтенберг.