Иенс Столтенберг -  НАТО арбџьармчқәа Украина иҟам, уахь рдәықәҵара ҳгәы иҭам, ҳара алианс аҵакырадгьыл аҿы, мрагыларатә афланг аҿы ҳамчқәа ҳарҕәҕәоит
Иенс Столтенберг -  НАТО арбџьармчқәа Украина иҟам, уахь рдәықәҵара ҳгәы иҭам, ҳара алианс аҵакырадгьыл аҿы, мрагыларатә афланг аҿы ҳамчқәа ҳарҕәҕәоит

НАТО арратә хәҭақәа Украина иҟам. Ҳара аргама ааҳацҳаит  НАТО арбџьармчқәа Украина рыргылара ҳгәы ишҭам, —  иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг НАТО ақәҿыҭра лас амчқәа Украина иҟоума ҳәа ианиазҵаа.

«НАТО арратә хәҭақәа Украина иҟам. Ҳара аргама ааҳацҳаит  НАТО арбџьармчқәа Украина рыргылара ҳгәы ишҭам.  Украина – крызҵазкәа ҳпартниор ауп, ҳара кыршықәса рыҩнуҵҟа Украина ҳацхраауеит, рбџьармчқәа ҳарҕәҕәоит,  акибершәарҭадара ахырхарҭала аус еицаауеит,  аха,  НАТО арбџьармчқәа Украинаҟа рдәықәҵара ҳгәы иҭам. Ҳадгылаҩцәа ршәарҭадара еиқәҳаршәароуп, убри азыҳәан мрагыларатә афланг аҿы ҳамчқәа ҳарҕәҕәеит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.