Иенс Столтенберг -  Ихьыҧшым, аҭынчратә ҳәынҭқарра иажәылеит, аамҭеи амҽхаки реибашьра, уи ииасхьеит ҳәа ҳгәы иаанагон, аха, реалра ихынҳәны, акгьы зхарам ауааҧсыра арыцҳара иҭанаргылеит
Иенс Столтенберг -  Ихьыҧшым, аҭынчратә ҳәынҭқарра иажәылеит, аамҭеи амҽхаки реибашьра, уи ииасхьеит ҳәа ҳгәы иаанагон, аха, реалра ихынҳәны, акгьы зхарам ауааҧсыра арыцҳара иҭанаргылеит

Аҧхасҭа иазкны макьана адыррақәа ҳамам, аха ажәылара ҕәҕәан.   Ихьыҧшым, аҭынчратә ҳәынҭқарра иажәылеит, аамҭеи амҽхаки реибашьра, уи ииасхьеит ҳәа ҳгәы иаанагон, аха, реалра ихынҳәны, акгьы зхарам ауааҧсыра арыцҳара иҭанаргылеит, — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла, Украиназы зымҽхак дуу ажәылара мҩаҧнагеит.

«Дара рпланқәа мап рыцәкра ргәы иҭам. Украина ажәылара ҳгәы иҭам ҳәа рҳәон, аха, абри аҩыза апланқәа рыман. Иахьа ишаабо ала, адипломатиатә ҽазышәарақәа рынагӡара ргәы иҭамызт. Аҧхасҭа иазкны макьана адыррақәа ҳамам, аха ажәылара ҕәҕәан.   Ихьыҧшым, аҭынчратә ҳәынҭқарра иажәылеит, аамҭеи амҽхаки реибашьра, уи ииасхьеит ҳәа ҳгәы иаанагон, аха, реалра ихынҳәны, акгьы зхарам ауааҧсыра арыцҳара иҭанаргылеит», — иҳәеит  Столтенберг.