Иахьа Григол Лилуашвили апарламент аҿы ицәыригоит 2020 шықәсазы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура имҩаҧнагаз аусура иазку аҳасабырба
Иахьа Григол Лилуашвили апарламент аҿы ицәыригоит 2020 шықәсазы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура имҩаҧнагаз аусура иазку аҳасабырба

 

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы Григол Лилуашвили апарламент апленартә аилатәараҿы ицәыригоит 2020 шықәсазы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура имҩаҧнагаз аусура иазку аҳасабырба.

Атәылахьчареи ашәарҭадареи азы апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли Бераиа ишиҳәаз ала, адокумент инақәыршәаны,  атәыла амилаҭтә шәарҭадара аганахьала уажәгьы ахадаратә проблемас иаанхоит урыстәылатәи ампыҵахалареи уи иахылҵуа алҵшәақәеи. Иракли Бераиа иҳәамҭала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусура ахәшьара бзиа  аҭатәуп.

Аҳасабырбара ашьҭахь, Григол Лилуашвили адепутатцәа рызҵаарақәа аҭак риҭоит.