Иахьа Анталиа Дмитри Кулебеи Сергеи Лаврови еиҧылоит
Иахьа Анталиа Дмитри Кулебеи Сергеи Лаврови еиҧылоит

Иахьа Анталиа  Урыстәылеи Украинеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҿцәажәара мҩаҧысуеит. Дмитри Кулебеи Сергеи Лаврови  Анталиа инеихьеит.

Адипломатиатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аиҧылара ихы алаирхәоит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистргьы, избанзар аиҧылара мҩаҧысуеит Ҭырқәтәыла аинициативала.

Аибашьра ианалага инаркны адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа раҧхьаӡа акәны еиҧылоит.

Аиҧылара ашьҭахь аганқәа рхаҭарнакцәа АИХ рзы аҳәамҭақәа ҟарҵар ҟалап.

Анталиа адипломатиатә форум иалагоит хәажәкыра 11 рзы, уи алахәылацәа Урыстәыла ала Украина ажәылареи уажәтәи аҭагылазаашьеи иалацәажәоит. Афорум ихы алаирхәоит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.