Иахьа, 57 тонна аџықәреи ала иҭәу аидаратә аӷбақәа Одессатәи апорт аҟынтә амҩа иқәлеит
Иахьа, 57 тонна аџықәреи ала иҭәу аидаратә аӷбақәа Одессатәи апорт аҟынтә амҩа иқәлеит

Иахьа, 57 тонна аџықәреи ала иҭәу аидаратә аӷбақәа хԥа Одессатәи апорт аҟынтә амҩа иқәлеит.

ЕАР аинформациа ала, аӷбақәа Ҭырқәтәылеи, Британиа Дуи Ирландиеи рахь ахы рхоуп.

Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Британиа ашҟа дәықәлаанӡа, аӷбақәа Сҭамԥыл иҟоу иаку акоондинациатә центр аҿы гәарҭоит.

Украинатәи арыц аекспорт иазку аиқәшаҳаҭра ԥхынгәы 22 рзы, Сҭамԥыл анапы аҵаҩын. Нанҳәа 1 азы  Украинатәи арыц ала иҭәу актәи аӷба Одессатәи апорт аҟынтә амҩа иқәлеит.