Урыстәыла имҩаԥнагаз аракетатә жәылараан Одессаҿ хәҩык ҭахеит
Урыстәыла имҩаԥнагаз аракетатә жәылараан Одессаҿ хәҩык ҭахеит

Урыстәыла иацы имҩаԥнагаз аракетатә жәылараан Одессаҽ хәҩык ҭахеит.

Ари ааицҳаит Одесса аобласттә арратә администрациа аиҳабы Олег Кипер.

Иахьа Одессаҿ алахьеиқәҵаратә мшуп.

Аҭыԥантәи напхгара рдыррақәа рыла, ахәрақәа зауз 23-ҩык ахәшәтәырҭахь инагоуп. Ԥшьҩык рҭагылазаашьа цәгьооуп, урҭ дреиуп ԥшьышықәса зыхҵуа ахәыҷы.