Жозеф Боррель Урыстәыла Одесса аҭоурыхтә центр аҟны имҩаԥнагаз ажәылара арратә ацәгьоурас иԥхьаӡоит
Жозеф Боррель Урыстәыла Одесса аҭоурыхтә центр аҟны имҩаԥнагаз ажәылара арратә ацәгьоурас иԥхьаӡоит

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель Урыстәыла Одесса аҭоурыхтә центр аҟны имҩаԥнагаз ажәылара арратә ацәгьоурас иԥхьаӡоит.

Боррель игәаанагара “Твиттер” аҿы иҩит.

“Ҵыхәаԥҵәара змам аракетатә террор Иунеско ахьчара аҵаҟа иҟаз Одесса аганахьала Кремль иашьҭанеиуа ацәгьоуроуп, уи иахҟьаны аԥхасҭа аиуит ақалақь ихадоу аиашахаҵаратә ныхабаа, адунеитә культура аҭынхара абаҟа. Украина асақәтәара аҽазкраан аԥхасҭа роуит ирацәаӡаны акультуратә баҟақәа”, – иҩит Боррель.

Аурысцәа уахынла Одесса аганахьала имҩаԥыргаз ажәылараан аӡәы дҭахеит, 22-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ иреиуп ԥшьҩык ахәыҷқәа. Одесса ақалақьтә хеилак аҟынтә ишаарыцҳаз, ажәылараан аԥхасҭа роуит Одессатәи Аҽеиҭакра ауахәама, Ашәҟәыҩҩцәа рыҩны, анхарҭа ҩнқәа. Аԥхасҭа ду аиуит Жванецки ибульвар.