Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасаб ала Иракли Кобахиӡе Бриуссельҟа раҧхьатәи ивизит иалагеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасаб ала Иракли Кобахиӡе Бриуссельҟа раҧхьатәи ивизит иалагеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасаб ала Иракли Кобахиӡе Бриуссельҟа раҧхьатәи ивизит иалагеит.

Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак 8-тәи аилатәара иалагаанӡа, Иракли Кобахиӡе адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррель диԥылеит.

Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррель иҟны аиԥылара ашьҭахь Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак 8-тәи аилатәара ихы алаирхәит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе раҧхьатәи авизитла Бриуссельҟа жәабран 19 рзы ддәықәлеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр, Евроеидгылеи НАТОи рҿы аиҧыларақәа мҩаҧигараны дыҟоуп. Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак 8-тәи аилатәара ихы алаирхәоит, анеҩс, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррели, европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи апрессконференциа еицымҩаҧыргоит.Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылоит, иара убас, НАТО-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара ихы алаирхәоит.Бриуссель аҧыза-министр аиҳабыратә делегациа ицуп, аделегациа иалоуп: актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили, авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани.