Жозеп Боррель - Ажәабжь ҿыц гәырӷьахә, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амҩаҿ ԥхьаҟа иҵоит, абас инашәыгӡа
Жозеп Боррель - Ажәабжь ҿыц гәырӷьахә, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амҩаҿ ԥхьаҟа иҵоит, абас инашәыгӡа

Ажәабжь ҿыц гәырӷьахә, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амҩаҿ ԥхьаҟа иҵоит, абас нашәыгӡа, – иҳәеит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель. Иахьа Бриуссель Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа реилатәареи “Мрагыларатә партниорра” атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистериали мҩаԥысуеит.

Боррель иажәақәа рыла, Мрагыларатә партниорра атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистериал аҿы арегион аҟны иҟоу ауадаҩрақәа рыхцәажәоит.

„Адунеи ари ахәҭаҿы иҟалаз рацәоуп. Беларус аҭыԥ иҭаҵәуп. Лукашенко ирежим аизолиациеи адемократиатә мчқәа рыдгылареи рзы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Мрагыларатә партниорра арегион аҟны ицәгьоу ҭагылазаашьоуп – Беларус, Украина, Кавкваз. Ажәабжь ҿыц гәырӷьахә ҳамоуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амҩаҿ ԥхьаҟа иҵоит, абас нашәыгӡа. Мрагыларатә партниорра амш аусхәаԥштә аҟны иаанхароуп, избан акәзар ари мрагыларатә ҳҳәаақәа роуп. Мрагыларатә ҳҳәаа аимакқәа ахьырацәахаз ҭыԥуп”, – иҳәеит Боррель.

Қырҭтәыла акандидат статус анашьаразы ажурналист изҵааразы, Боррель иҳәеит:

„Қырҭтәыла ибзианы аусура аҿуп. Еврокомиссиантә иҳауз анализи ажәалагалақәеи зегьы ипозитивын. Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟасҵоит ари амҩала ацара анрыгӡарц”, –  иҳәеит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель.