Иаркли Ӷарибашвили - Лавров ииҳәаз, афакт аконстатациоуп, авизадатә режими ареисқәа реиҭашьақәыргылареи Урыстәыла аднакылаз аӡбароуп, ҳаиҳабыра ахьӡала аиҿцәажәарақәа мҩаԥгамызт
Иаркли Ӷарибашвили - Лавров ииҳәаз, афакт аконстатациоуп, авизадатә режими ареисқәа реиҭашьақәыргылареи Урыстәыла аднакылаз аӡбароуп, ҳаиҳабыра ахьӡала аиҿцәажәарақәа мҩаԥгамызт

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла анапхгара авизадатә режими ареисқәеи реиҭашьақәыргылара иақәшаҳаҭхеит мацара, Қырҭтәыла аиҳабыра ахьӡала аиҿцәажәарақәа мҩаԥгамызт

Ажурналистцәа Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭа  – „Ҳара ҳаҭыр зқәу Ҕарибашвили анапхгара ззиуа аиҳабыра ҳрацәажәан, аҧыррақәа реиҭашьақәыргылареи авизатә режим аҧыхреи азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, избанзар ҳтәылауаа ҧасагьы авизадатә режим рыман ҳәа“ иазкны азҵаара изықәдыргылеит.

Ӷарибашвили ари иаҭакны ишазгәеиҭаза ала, аҭак имариоуп. “Лавров ииҳәаз, афакт аконстатациоуп, авизадатә режими ареисқәа реиҭашьақәыргылареи Урыстәыла аднакылаз аӡбароуп, ҳаиҳабыра ахьӡала аиҿцәажәарақәа мҩаԥгамызт“, – иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҧыза-министр.

Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа ишраиҳәаз ала, ари азҵааразы Қырҭтәыла аиҳабыра рыхьӡ ала аформалтә аиҽцәажәарақәа мҩаԥгамызт.

„Аӡбара Урыстәылоуп здызкылаз, азҵаарақәа нқәеит. Ҩынтәтәи атәылауаа змоу ақырҭуа бизнесменцәеи ақырҭуаа рацәоуп, урҭ хтәыла атәылауаа роуп, аамҭакала Урыстәыла атәылауаагьы роуп. Урҭ ринтересқәа ирылан ишиашоу ареисқәа реиҭашьақәыргылара. Ари иузымҵәахуа фактуп“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.