Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла даҭаауеит  Жозеп Боррель
Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла даҭаауеит  Жозеп Боррель

Қырҭтәыла аҩыза-министр Иракли  Ҕарибашвили иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла даҭаауеит адәныҟатәи аполитикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу акомиссар  Жозеп  Борреля.

Иара иажақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара Евроеидгыла абжьаграқәа рынагӡаразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит.

«Ҳара 12 абжьагарақәа рынагӡаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Европатәи ҳколлегацәа рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп. Мышқәак рышьҭахь ҳаҭыр зқәу Боррель ҳизҧшуп, иара даҽазнык аинформациа наӡа изцәыраагоит 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесс шымҩаҧысуа азы», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.