Жозеп Боррель – Урыстәыла Украинаҿ аиааира агазҭгьы, хымҧада егьырҭ агәылацәа рганахьала аимпериатә политика мҩаҧнагон, Қырҭтәылеи Молдовеи абри агрессиатә политика  иахылҵыз ҳбеит
Жозеп Боррель – Урыстәыла Украинаҿ аиааира агазҭгьы, хымҧада егьырҭ агәылацәа рганахьала аимпериатә политика мҩаҧнагон, Қырҭтәылеи Молдовеи абри агрессиатә политика  иахылҵыз ҳбеит

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель иажәақәа рыла, иара изныкымкәа иҳәахьеит Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра Евроеидгылазы ишшәарҭоу.

Урыстәыла Украинаҿ аиааира агазҭгьы, хымҧада егьырҭ агәылацәа рганахьала, ҷыдала Европаҿ,  аимпериатә политика мҩаҧнагон, Қырҭтәылеи Молдовеи абри агрессиатә политика  иахылҵыз ҳбеит.

Европа анҭыҵ, ҳара Украина ахатә хьыҧшымра ахьчараҿы ҳацымхраар,  аҧҟарақәа рышьаҭала адунеи зехьынџьара ишьақәҳаргылар иаҳҭахыз аиҿкаара хыбгалоит», — иҩит  Жозеп Боррель ихатә блог аҿы.