Иааиуа амчыбжь азы Қырҭтәыла  апрепарат  Sinovac ала авакцинациа иалагараны иҟоуп
Иааиуа амчыбжь азы Қырҭтәыла  апрепарат  Sinovac ала авакцинациа иалагараны иҟоуп

Қырҭтәыла китаитәи апрепарат Sinovac ала авакцинациа иалагараны иҟоуп иааиуа амчыбжь азы. Ари атәы ааицҳаит ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Иара иажәақәа рыла,  Sinovac Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа иазыҧшуп, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаара аҵарадырратә експертцәа ари авакцина иҳараку ахәшьара арҭахьеит.

«Sinovac —  Китаи жәларбжьаратәи аренашҟа излаҭыҵуа аҩбатәи вакциноуп. Қырҭтәыла Китаинтә аиуит  100 000 адозақәа. Китаигьы егьырҭ атәылақәа рҿгьы ари авакцина ҟарҵахьеит  100 миллионҩык иреиҳаны ауааҧсыра. Убри аҟынтә, ҳаргьы иааиуа амчыбжь инаркны абри апрепарат ала авакцинациа ҳалагоит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.