Гиа Вольски – Зхала зхы  ҧырхага азаазго Саакашвили – аоппозициаа зхатә тәыла аҿагылараҿ  иацхраауа ресурсуп
Гиа Вольски – Зхала зхы  ҧырхага азаазго Саакашвили – аоппозициаа зхатә тәыла аҿагылараҿ иацхраауа ресурсуп

«Саакашвили ихатә интересқәа иман, иахьа уи лабҿаба иубарҭоуп, иара 2012 шықәсанӡа ихы иаирхәоз аметодқәа рыла уажәгьы атәыла анапхгара аиҭар иҭахын», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер  Гиа Вольски.

Вольски иажәақәа рыла,  «Гиули Аласаниа иҟалҵаз аҳәамҭалагьы ибзианы иубарҭоуп  «Амилаҭтә ҵысра» рзы урыстәылатәи афактор аҵакы ду шамоу.

«Зыӡбахәы ҳәоу аиҿцәажәараҿы  Гиули Аласаниа лпозициа аалырҧшит. Сара ари аганахьала изакәызаалак зҵаарак сымам. Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит зхала зхы  ҧырхага азаазго Саакашвили – аоппозициаа ахатә тәыла иаҿагыланы ақәҧараҿы ирыцхраауа аресурс шиакәу», — иҳәеит  Вольски.