Гиа Вольски - Саломе Зурабишвили аполитика  алалара лгәы иҭоуп, уажәы, заанаҵы, амзызқәа лхәыцуеит
Гиа Вольски - Саломе Зурабишвили аполитика  алалара лгәы иҭоуп, уажәы, заанаҵы, амзызқәа лхәыцуеит

«Саломе Зурабишвили аполитика  алалара лгәы иҭоуп, уажәы, заанаҵы, амзызқәа лхәыцуеит», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер  Гиа Вольски.

Вольски Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аҳәаанырцәтәи АИХқәа ирылҭаз аинтервиу дахцәажәеит. Зурабишвили ишылҳәаз ала,  алхрақәа лхы рылалхәыр ҟалап.

«Саломе Зурабишвили гьангьашрыла аҳәамҭа ҟалҵеит, избанзар, лара еснагь ирџьбараны илҳәалон Қырҭтәыла ахатә европатәи аҧеиҧш ацәыӡит, аиҳабыра иҟарҵо зегьы ииашам ҳәа.  Саломе Зурабишвили аполитика  алалара лгәы иҭоуп. Аха, уи азыҳәан мзызк аҭахуп. Уажәы, заанаҵы, амзызқәа лхәыцуеит», — иҳәеит  Гиа Вольски.