Гиа Вольски – Касианов  арратә цхыраара  ҳасабала дызлацәажәо атехниказы миллиардла аҧара ҳшәеит,  иара иҟаиҵо аҳәамҭақәа ииашам
Гиа Вольски – Касианов  арратә цхыраара  ҳасабала дызлацәажәо атехниказы миллиардла аҧара ҳшәеит,  иара иҟаиҵо аҳәамҭақәа ииашам

«2008 шықәса иадҳәаланы Касианов иҟаиҵаз аҳәамҭа ииашам. Арратә цхыраара  ҳасабала дызлацәажәо атехниказы миллиардла аҧара ҳшәеит», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер  Гиа Вольски.

«Абџьар аахәара  – абжьааҧнытә операциоуп, аха, аконкреттә уааҧсыра уи абзоурала миллиардла амал дырҳауеит, абри ауп гәҩарас иҟаҵатәу. Аибашьранӡа акгьы змамыз ауаа аибашьрашьҭахь имиллионерцәахеит, дара Қырҭтәыла аполитикеи АИХи аҧара рзоурышьҭуеит.  Касианов иҟаиҵо зегьы уажәтәи алабҿабара иашьашәалам.

Убри азоуп изаҳҳәо украинатәи ачинуаа рыхәҭак Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартреи ҳтәыла аибашьра алагалареи рҭахуп ҳәа.  Аӡәы амалаҳәа ак ҳаиҭеит ҳәа Касианов ииҳәо зегьы ииашам.  Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп аӡәгьы акгьы ҳамҭас ишҳаимҭаз, насгьы, усҟан изакәытә аилаӡарақәа имҩаҧгаз  – уигьы цқьа еилкаам. Џьоукы амиллионқәа дырҳаит, ҳара уи азыҳәан аҧара ду ҳшәеит. Абџьар аҭара ма ахалагәаҧхаҩцәа рдәықәҵара – аибашьра аҽалагалара ауп иаанаго», — иҳәеит  Вольский.