Абиуро аилатәараҿы Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара арласра иазку арезолиуциа апроект цәырыргеит
Абиуро аилатәараҿы Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара арласра иазку арезолиуциа апроект цәырыргеит

Абиуро аилатәараҿы Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара арласра иазку арезолиуциа апроект цәырыргеит,  азакәанҧҵаратә орган аҿы ари адокумент иахәаҧшуеит анеҩстәи асессиатә амчыбжь азы.

Апарламент актәи авице-спикер  Гиа Вольски ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, форс-мажортә ҭагылазаашьа иадҳәаланы, атәыла ашәарҭара ианҭагыло,   апарламент аиҳабыра ирыдҵаалоит.

Иара иажәақәа рыла,  иахьа иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәылеи,  Украинеи,  Молдовеи  еиқәхар рҭахуп.

«Евроеидгыла алалара ма кандидатс аҟалара иаанагом иахьазы иҟоу апринципқәа иазҧхьагәаҳҭом ҳәа.  Аоппозициаа ари азҵааразы иаадырҧышуа апозициа  – аспекулиациеи аҧырхагахара аҽазкреи ауп.  Дара убас активла рхы мҩаҧыргоит, иҟарҵо зегьы аҳәынҭқарратә интересқәа рчарҳәара ауп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит», — иҳәеит Вольски.