Гиа Вольски - Евроеидгыла арезолиуциа ииашам аинформациа ашьаҭала еиқәыршәоуп
Евроеидгыла арезолиуциа ииашам аинформациа ашьалаҭа еиқәыршәоуп, дара аинформациа роуеит рхала иаҧырҵаз ахыҵҵырҭақәа рҟынтә – иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи апроцесс арадикализациа аплан иалахәы партиақәаки рҟынтә, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
Иара иажәақәа рыла, акоррупциеи алхрақәа рҧаршеиреи иадҳәалоу аихшьаала иаша иҧшаатәуп ОБСЕ адокумент аҿы, уаҟа абри аҩыза акгьы ианым.
Вольски иҳәамҭала, аелектронтә хархәагала имҩаҧысуа алхрақәа рҧаршеира зыҟалом.
„Арадикалтә оппозициаа рыдгылаҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа ҳрыхәаҧшит. Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩс дҟарҵеит Қырҭтәыла иаҿагылоу апозициа змаз ауаҩы. Иара иҳәамҭала, араҟа аҧаршеира зыҟалом, „Ақырҭуа гәахәтәы“ иҵабыргны аиааира ргеит, аха, амчылара афактқәеи, ақәыҕәҕәареи иҟан, абри зегьы нарыгӡон адәахьы еизоз, зыхьӡқәа еилкаам аҿар. Абри ада уаҳа акгьы изымҳәеит. Мзиа Амаҕлобели лус ҳалацәажәозар, араҟа аконкреттә ацәгьаура иҟоуп, иарбанзаалак адемократиатә ҳәынҭқарраҿы абри аҩыза ацәгьауразы иџьбароу ахьырхәра иазҧхьагәаҭоуп“, – иҳәеит Гиа Вольски.