Гиа Вольски – Аопозициа ахаҭарнакцәа аполитикатә процессқәа,  ҷыдала ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҽаладмырхәыр,  дара аофсаидаҿ иаанхоит  
Гиа Вольски – Аопозициа ахаҭарнакцәа аполитикатә процессқәа,  ҷыдала ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҽаладмырхәыр,  дара аофсаидаҿ иаанхоит  

«Аполитикатә диагноз еилкаауп  – аопозициа ахаҭарнакцәа аполитикатә процессқәа,  ҷыдала ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҽаладмырхәыр,  дара аофсаидаҿ иаанхоит», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Иара иажәақәа рыла, аоппозициаа ракәӡам изыӡбо анеҩстәи алхрақәа рҽаладырхәо рҽаладмырхәо – дара аинструкциақәа нарыгӡоит.

«Аоппозициаа ракәӡам изыӡбо ахаланапхгаратә органқәа рахь  алхрақәа рҽаладырхәо рҽаладмырхәо – дара аинструкциақәа нарыгӡоит. Адунеиаҿ аиҿагыларақәа инагӡоит, уи алҵшәа цәгьақәа ахылҵыр ауеит, избанзар аҭынчратә аиҿкаара макьана ишьақәырҕәҕәам. Америка администрациа ҿыц мацара ракәӡам ари апроблема зыӡбаша, европатәи алидерцәагьы рпозициа аадырҧшыроуп. Аха, ишубарҭоу ала,  „диҧ стеиҭ“ амчқәеи афинанстә ресурсқәеи еиднакылеит, Қырҭтәылагьы  ари аиҿагылара асегментқәа иреиуп.

Ари асегмент иалахәып аглобалтә аибашьра апартиа адҵақәа назыгӡо ауааҧсыра. Дара атәылаҿ аекономика арбгарала  анапхгара ргар рҭахуп. Аполитикатә диагноз еилкаауп  – аопозициа ахаҭарнакцәа аполитикатә процессқәа,  ҷыдала ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҽаладмырхәыр,  дара аофсаидаҿ иаанхоит», – иҳәеит Гиа Вольски.