Германтәыла  Украина   анаҭеит даҽа партиак абџьар
Германтәыла  Украина   анаҭеит даҽа партиак абџьар

 

Германтәыла анапхгара Украина даҽа партиак абџьар арҭеит. Германтәыла анапхгара иаладырҵәаз аинформациа инақәыршәаны, украинатәи аган ируит  5 автомобилк Bergepanzer 2,   апонтонтә системақәа быжьба, 167 нызқь апатронқәа,  30 ахаланыҟәаратә азениттә шьақәыргыламҭақәа  «Гепард», 500  цыра  аракетақәа  Stinger,  15 000  атанкҭархагатә минақәа, 350 нызқь адетонаторқәа, адронқәа рҽацәыхьчаратә хархәагақәа.

Иара убас, Украина германтәылантә аиуит аруаа рзы амаҭәа ҧха.

Уаанӡа Германтәыла Украина анаҭеит иҿыцӡоу азенит-ракетатә комплекс  IRIS-T.