Германтәыла аиҳабыра Украина иҵегьы  иарҭоит  12 миллиард евро рыхә  арратә цхыраара
Германтәыла аиҳабыра Украина иҵегьы  иарҭоит  12 миллиард евро рыхә  арратә цхыраара

Германтәыла аиҳабыра Украина иҵегьы  иарҭоит  12 миллиард евро рыхә  арратә цхыраара. Ари аинформациа аланарҵәеит  агентра  «Реитер».

Аҭыжьымҭа адыррала, Бундестаг абиуџьеттә комитет атәылахьчареи адәныҟатәи аусқәеи рзы аминистрра  узқәымгәыҕуа ахарџьқәа  иацҵаны аҧара рзоушьҭразы иҟанаҵаз азыҳәамҭа иақәшаҳаҭхеит.

Иацҵоу афинансыркрала иазҧхьагәаҭоуп 2023 шықәсазы 3,2 миллиард евро азоушьҭреи, иара убас,  8,8 миллиард евро акредиттә цәаҳәақәеи 2024–2032 шықәсқәа рзы.

«Ари аҧарала, Украина, Германтәыла аиҳабыра рыдгыларала, ишиашо абџьар аахәара алшоит», — иануп аинформациаҿы.

Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформиациа инақәыршәаны, Урыстәылатәи аинтервенциа ианалага инаркны Германтәыла Украина иазоунашьҭхьеит  14,2 миллиард евро.