Гека Гелаӡе Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Гека Гелаӡе Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Али Ерликаиа диҧылеит. Аиҧылара мҩаҧган ирҭбаау аформатаҿ.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, ҩ-тәылак рминистрцәа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рзинхьчаратә органқәа  қәҿиарала русеицура иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апартниорра арҭбаара аҵакы ду амоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аминистррақәа рыбжьара аҧышәа аиҭныҧсахлара иацхрааша ауснагӡатәқәа  рымҩаҧгара иазыхиоуп.

Аиҧылара рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла амилаҭтә полициа анапхгаҩы Маҳмуҭ Демирташ, Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Роланд Месхьи,  аминистр ихаҭыҧуаа  Алеқсандр Дарахвелиӡеи,   Шьалуа Ҭадумаӡеи,  Гьаргь  Бунтхузи, Мариам Табатаӡеи,  егьырҭ анапахгаратә хаҿқәеи.