Гьаргь Џьанџьҕава  – Ердоҕан иааҧхьарала,  аҧыза-министр дызхагыло ақырҭуа делегациа Ҭырқәтәыла ахада иинаугурациа иалахәхоит
Гьаргь Џьанџьҕава  – Ердоҕан иааҧхьарала,  аҧыза-министр дызхагыло ақырҭуа делегациа Ҭырқәтәыла ахада иинаугурациа иалахәхоит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иааҧхьарала,  аҧыза-министр дызхагыло ақырҭуа делегациа Анкара имҩаҧысуа аныҳәатә уснагӡатәқәа рхы рыладырхәоит. Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Гьаргь Џьанџьҕава.

Иара иажәақәа рыла Ердоҕан иинаугурациа рхы аладырхәоит адунеи шә-тәылак инареиҳаны рлидерцәа.

«Урҭ ирылыскаар сҭахуп Азербаиџьан ахада,   Болгариа ахада,  Монтенегро ахада,  Албаниа аҧыза-министр,  Венгриа аҧыза-министр,  иара убас,  Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәеи азиатә ҳәынҭқаррақәеи рлидерцәеи. Ишыжәдыруа еиҧш,  Ҭырқәтәыла хара ҳзы аиҩызаратә тәылоуп,  ҳстратегиатә партниоруп», — иҳәеит Џьанџьҕава.