Гьаргь Гахариеи Қырҭтәыла иҟоу Индиа ацҳаражәҳәаҩи Индиа ацҳаражәҳәара аартреи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра адкылареи иалацәажәеит
Гьаргь Гахариеи Қырҭтәыла иҟоу Индиа ацҳаражәҳәаҩи Индиа ацҳаражәҳәара аартреи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра адкылареи иалацәажәеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи Қырҭтәыла иҟоу Индиа ацҳаражәҳәаҩ Кишан дан Девали Қырҭтәыла Индиа ацҳаражәҳәара аартреи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра адкылара иазкны аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәеи ирылацәажәеит, — ари атәы иануп Қырҭтәыла аиҳабыра рпрессмаҵзура аинформациаҿы.

«Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  ақырҭуа аган Қырҭтәыла Индиа ацҳаражәҳәара аартра иазкны Индиа аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара иадгылоит,  избанзар атәылақәа реизыҟазаашьақәа иаҳа-иаҳа иҭбаахоит.

Хшыҩзышьҭра азун ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаара,  уигьы  зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра адкылара иацхраауеит.

Индиа ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра адкыларазы  иаҳа интенсивла аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ишазхиоу. Хара имгакәа,  атәылақәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа актәи араунд мҩаҧысуеит, ари араунд апандемиа амшала ихырҧан», —  иануп аҧыза-министр ипрессмаҵзура аинформациаҿы. .