Гьаргь Гахариа  - Саакашвили даауам, дзаауам, абахҭоуп иахьиҭыҧу
Гьаргь Гахариа  - Саакашвили даауам, дзаауам, абахҭоуп иахьиҭыҧу

«Саакашвили Қырҭтәылаҟа иаара  —  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ирхәыцыз афеик-лакәып, —иҳәеит апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариа.

«Ақырҭуа гәахәтәы» абри зегьы рхы иадырхәоит рыдкылаҩцәа еидыркыларц азыҳәан. Саакашвили Қырҭтәылаҟа дааир, уи анапхгаратә партиа аҟны еиқәшаҳаҭрала ауп ишыҟало. Ишыҟазаалакгьы, Мелиа иеиҧшҵәҟьа, арҭ ауаагьы абахҭа иҭакызароуп. Иахьа ирҳәо акәӡам аус злоу.  «Ақырҭуа гәахәтәы» Саакашвили иаара рхы иадырхәоит ауаа дыршәарцаз. Сара сзы уи акгьы аҵанакәам.

Иахьазы Саакашвили изакәызаалак ҵакык имам, аполитикатә репутациа имам, дыччархуп.  Саакашвили дааир, абахҭоуп иахьиҭыҧу. Аха, сара агәра ганы сыҟоуп, иареи анапхгаратә гәыҧи ари азҵааразы ишеиқәшаҳаҭхаз. Данҭарклак, нас, Мелиа иеиҧшҵәҟьа иаргьы амнистиала доурыжьҭуеит», — иҳәеит Гахариа.