Гьаргь Гахариа  - Рашәара 20 рзы изакәызаалак азакәандаратә адҵа ҟаҵамызт, егьы абжьарахь, адҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалаз ахҭысқәа зегьы рзы сара соуп аҭак зыҧхықәу
Гьаргь Гахариа  - Рашәара 20 рзы изакәызаалак азакәандаратә адҵа ҟаҵамызт, егьы абжьарахь, адҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалаз ахҭысқәа зегьы рзы сара соуп аҭак зыҧхықәу

«Изакәанымыз адҵа ҟаҵамызт. Егьы абжьарахь, рашәара 20 рзы адҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалаз ахҭысқәа зегьы рзы сара соуп аҭак зыҧхықәу», — иҳәеит апартиа  «Қырҭтәылазы»  алидер Гьаргь Гахариа иахьа имҩаҧигаз апрессконференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, убри аҽны апарламент ахыбра аҧхьа игылаз аоппозиционерцәа дара рахь иҟоу азҵарақәа аҭак рырымҭацт.

«Рашәара 20 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы исҳәар сҭахуп,  сара хаангьы азҵарақәа аҭак рыҭара аганахьала изакәызаалак проблемак сымамызт. Аха,  ишәгәаласыршәар сҭахуп, убри аҽны апарламент аҧхьа игылаз, ауаа апарламент ажәылара рыбжьазгоз  аоппозиционерцәа дара рахь иҟоу азҵаарақәа аҭак рырымҭацт», — иҳәеит Гахариа.

Иара убас, Гахариа ишиҳәаз ала, рашәара 20 рзы ауаа аахақәа роуит аҭакҧхықәрадатә оппозиционерцәа рхымҩаҧгашьа амшала.