Гьаргь Гахариа Камала Ҳаррис лахь  - Шәара шәалхра адунеи азы крызҵазкәа шьҭымҭоуп, избанзар Америка аҭоурых аҿы раҧхьа акәны аҧҳәыс авице-ахадас даналырх ашьҭахь, ҳпланета иқәынхо аҳәса зегьы, сыҧҳагьы данрылаҵаны, агәра ргеит  ирзыҟамҵаша аус шыҟам
Гьаргь Гахариа Камала Ҳаррис лахь - Шәара шәалхра адунеи азы крызҵазкәа шьҭымҭоуп, избанзар Америка аҭоурых аҿы раҧхьа акәны аҧҳәыс авице-ахадас даналырх ашьҭахь, ҳпланета иқәынхо аҳәса зегьы, сыҧҳагьы данрылаҵаны, агәра ргеит ирзыҟамҵаша аус шыҟам

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Камала Ҳаррис Америка авице-ахада иҭыҧ аофициалла аанкылара  лыдиныҳәалеит.

Аофициалтә адныҳәалараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  2020 шықәсатәи алхрақәа даҽазнык аадырҧшит Америка адемократиатә институтқәа шыҕәҕәоу.

Акыр иаҧсоу авице-ахада,  ақырҭуа жәлар рыхьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит Америка авице-ахада иҭыҧ аофициалла аанкылара.  Шәара шәалхра адунеи азы крызҵазкәа шьҭымҭоуп, избанзар Америка аҭоурых аҿы раҧхьа акәны аҧҳәыс авице-ахадас даналырх ашьҭахь, ҳпланета иқәынхо аҳәса зегьы, сыҧҳагьы данрылаҵаны, агәра ргеит  ирзыҟамҵаша аус шыҟам2020 шықәсатәи алхрақәа даҽазнык аадырҧшит Америка адемократиатә институтқәа шыҕәҕәоу.  Америка адгылара абзоурала,  Қырҭтәыла, макьана иқәыҧшу акырҭуа демократиазы крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоуп  аҳәынҭқарратә институтқәа рырҕәҕәара ахырхарҭала.  Анеҩстәи ҧшьышықәса рыҩнуҵҟа Қырҭтәыла аиҳабыра ҿыц рзы аҧыжәара рымазаауеит  адемократиатә реформақәа рымҩаҧгареи, анапхгараҭара апрактика бзиа аларҵәареи, азакәан аиҳаӡара арҕәҕәареи“, –  иануп аофициалтә адныҳәалараҿы.

Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит арегион аҿгьы уи анҭыҵгьы Қырҭтәыла Америка иазгәыку апартниор шакәу.

Ҳажәларқәа азеиҧш принципқәеи, аидеалқәеи, астратегиатә интересқәеи рыла еидҳәалоуп. Арегион аҿгьы уи анҭыҵгьы Қырҭтәыла Америка иазгәыку партниоруп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла адемократиатә принципқәеи аглобалтә шәарҭадареи иазку ақәҧараҿы аҧхьагылаҩцәа иреиуп, ақырҭуа аруаа америкатә аруаа  ирывагыланы  иқәҧоит. Қырҭтәыла, Амшын еиқәа ашәарҭадара аконтекст аҿы крызҵазкәа апартниор астатус анашьоуп, ҳара уи ҳгәы аздууп. Америка еснагь Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи,  адеокупациеи,  иара убас,  ҳтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи   иадгылоуп, ҳара уи ахә ҳшьоит. Ҩажәеижәаба шықәса раҧхьа  Қырҭтәыла ахьыҧшымра анеиҭашьақәгыла инаркны,  ҳпартниорра иазҳаит  азеиҧш принципқәа рышьаҭа ала ишьақәгылоу алианс ҕәҕәа аҟынӡа. Агәра ганы сыҟоуп шәара шәвице-президентра аан абри апартниорра ҷыда иаҳа ишыҕәҕәахо,  убри азыҳәан,  атәылахьчареи ашәарҭадареи инаркны ахәаахәҭреи аекономикеи аҟынӡа,   еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҳусеицура ҳарҭбаауеит. Даҽазнык ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳтәылақәа рмышхәыбзазаразы ҳстратегиатә партниорра арҭбаара сшазгәыку. Аҭакҧхықәра ду зцу шәмиссиа анагӡараҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит.  Ҳаҧхьаҟа ҳпартниорра аҳәаақәҵара амзызла хара имгакәа шәҧылара сахыццакуеит. Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагап ҳәа сгәыҕуеит“, – иануп Гьаргь Гахариа иофициалтә адныҳәалараҿы.