Гьаргь Гахариа Џьо Баиден иахь – Иахьа Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит кыршықәса рыҩнуҵҟа ҳпартниорра арҕәҕәара аус аҿы хаҭала шәара иҟашәҵаз алагала ду азыҳәан
Гьаргь Гахариа Џьо Баиден иахь – Иахьа Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит кыршықәса рыҩнуҵҟа ҳпартниорра арҕәҕәара аус аҿы хаҭала шәара иҟашәҵаз алагала ду азыҳәан

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Џьо Баиден идиныҳәалеит Америка  46-тәи ахадас иалхра. Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы  ҿыц иалху Америка ахада изишьҭыз аофициалтә адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иаҵшьны иазгәаҭоуп азеиҧш принципқәеи, ахақәиҭреи, адемократиеи рызгәыкра ашьаҭа ала ишьақәгылаз  Америка – Қырҭтәылатәи астратегиатә партниорра ҕәҕәа.

„Ахада Баиден,  ақырҭуа жәлар рыхьӡала, гәыкала ишәыдысныҳәалоит Америка ахада иҭыҧ аофициалла аанкылара. Абҵаразы шәиааира абзоурала, америкауаа, лидерк иаҳасабала агәрагара шәзаадырҧшит,  атәыла аҩнуҵҟагьы, адунеи аҿгьы шәара шәхәаҧшырақәеи Америка аидеалқәеи шеиқәшәо агәра ргоит.  Зыӡбахәы ҳәоу алхрақәа дааҽазнык аадырҧшит америкатә демократиеи аинститутқәеи шыҕәҕәо. Қырҭтәыла, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аусеицура ала  „акризиси апроблемақәеи“ ҳшыриааиуа, абри аҭагылазаашьа ҳаналҵуа иаҳа ҳшыҕәҕәахо. Адунеи зехьынџьара шәпрезидентра алагара иалацәажәоит,  ҷыдала Қырҭтәыла  –  Америка иазгәыку апартниор тәылаҿы, ҳара аглобалтә алиансқәа рырҕәҕәара ахь ишәымоу азгәыкра  ҳадгылоит. Ҳажәларқәа рыбжьара  апартниоррра  шьақәгылеит азеиҧш принципқәеи, ахақәиҭреи, адемократиеи рызгәыкра  ашьаҭа ала.   Иахьа Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит кыршықәса рыҩнуҵҟа ҳпартниорра арҕәҕәара аус аҿы хаҭала шәара иҟашәҵаз алагала ду азыҳәан. Ҳара хаан иҳхашҭуам шәара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еснагь ҕәҕәала шәшадгылаз, ҳаамҭазтәи аҭоурых ихьанҭаӡоау аамҭазы хәы змам ацхыраара шыҟашәҵоз“, – иануп Гьаргь Гахариа ишәҟәы аҟны.

Аофициалтә шәҟәы аҟны аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла еснагь Америка ишадгыло зегьы реиҳа зҵакы дуу  аҩыза тәылеи апартниори ҳасабала.

„Ҳара, ҳаидгыланы, адунеи зехьынџьара адемократиеи ахақәиҭреи ахьчара ҳалшоит. Қырҭтәыла, Амшын еиқәа ашәарҭадара аконтекст аҿы крызҵазкәа апартниор астатус анашьоуп, ҳара уи ҳгәы аздууп. Қырҭтәыла адунеи егьырҭ аҭыҧқәа рҿгьы, ашәарҭадара аиқәыршәра аус аҿы зыгәра угаша партниоруп.  Аибашьцәа рхыҧхьаӡара ала, стәыла, иахьагьы Афганистан имҩаҧысуа   „Адгылара ҕәҕәа амиссиа“ аҿы НАТО иалам аҳәынҭқаррақәа рҟынтә зегьы реиҳа идуу алагала ҟанаҵоит,  зыӡбахәы ҳәоу амиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара, адгылаҩцәа ҳрывагыланы,аглобалтә шәарҭадара еиқәҳаршәоит. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы ҳара ҳықәкыс иҳамазаауеит  Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс арҭбаареи, насгьы, ҳдемократиатә институтқәеи азакәан аиҳаӡареи рырҕәҕәареи. Ҳәарада, Қырҭтәыла адемократиа арҕәҕәара – Евроеидгылеи НАТОи рҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаааразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Ҳара Америка ҳаҭабууп Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа адгыларазы, НАТО „Иаарту ашә аполитика“ анагӡара аиқәыршәараҿы иҟашәҵаз алагала ду ахә ҳшьоит, избанзар уи НАТО алалара иазку  Қырҭтәыла ахықәкы хада анагӡара иацхраауеит“, – иануп Гьаргь Гахариа идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Аофициалтә шәҟәы аҟны Қырҭтәыла аҧыза-министр Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара аус аҿы Америка инанагӡо зҵакы дуӡӡоу ароль дазааҭгылан, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, абри зҵакы дуӡӡоу аусхкы аҿы аусеицура анагӡара иахыццакуеит.

„Евроатлантикатә институтқәа ирылахәхәо, иҕәҕәоу Қырҭтәыла Амшын еиқәа арегион аҿгьы, уи анҭыҵгьы аҭынчреи ашәарҭадареи арҕәҕәара иацхраауеит.  Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, Қырҭтәыла, ҳтәылақәа рыбжьаара ахәаахәҭратәи аинвестициатәи еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы аусеицура анагӡара иазыхиоуп. Аекономикатә интеграциа  абзоурала ҳпартниорра иаҳа иҕәҕәахоит, аҩ-тәылак ршәарҭадареи рмышхәыбзазареи арҕәҕәареи, иара убас, ҳрегион аҿы Америка астратегиатә интересқәа рырҕәҕәареи иацхрауеит. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит!  Аусеицура ахырхарҭа ҿыцқәа рҳәаақәҵара амзызла хара имгакәа ҳаиҧылап ҳәа сгәыҕуеит. Ҳазҭагыло иуадаҩӡоу аамҭазы шәыжәлар ду анапхгара рыҭареи, иара убас, адунеи зехьынџьара аҭынчреи ашәарҭадареи аиқәыршәара иазку  шәидеиақәа рынагӡареи аҿы ақәҿиаарақәа шәзеиҕьасшьоит“, – иануп Гьаргь Гахариа иофициалтә адныҳәалараҿы.