Гьаргь Гахариа Ҳельга Шмид Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ Хадас лалхра лыдиныҳәалеит

 

«Ҳельга Шмил гәыкала илыдысныҳәалоит Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧ аанкылара», — иҩит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа  Twitter аҿы.

«Агәра ганы сыҟоуп шәара шәнапхгарала жәларбжьаратәи ауаажәларреи Қырҭтәылеи актуалтә усхкқәа рҿы ҧхьаҟацара алшара шроуа», —  иҩит Аҧыза-министр.