Гьаргь Гахариа - Бенџьамин Ҳаддад саниҧылоз Қырҭтәыла уажәгьы инагӡо аполиткиатә кризиси атәыла европатәи аҧеиҧши ҳалацәажәеит, уажәшьҭа аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп
Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» алидер Гьаргь Гахариа, Миунхен, европатәи аусқәа рзы Франциа аминистр Бенџьамин Ҳаддад диҧылеит.
Гахариа ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы Қырҭтәыла уажәгьы инагӡо аполитикатә кризиси Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧши иалацәажәеит.
«Европатәи аусқәа рзы Франциа аминистр Бенџьамин Ҳаддади сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәыла уажәгьы инагӡо аполиткиатә кризиси атәыла европатәи аҧеиҧши ҳалацәажәеит. Ахада Макрон Қырҭтәыла иадҳәалоу аҽазышәарақәа рынагӡараҿы ароль ду наигӡеит. Қырҭтәыла адемократиатә мҩа иазааирҧшуа адгылара иҳаракны ахә сшьоит. Иара ҕәҕәала авторитаризм даҿагылоит. Уажәазы Қырҭтәыла иҟоу акризис аҭыҧқәҵараҿы зҵакы дуу ароль наигӡоит.
Уажәы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп. Аполитбаандаҩцәа зыҧшра ҟамҵакәа иоужьҭтәуп, адемократиатә ҭагылазаашьаҿы аҿыц алхрақәа мҩаҧгатәуп», — иҳәеит Гахариа.