Франциеи Британиа Дуи Украина ацхыраара азырҳаразы еиқәшаҳаҭхеит
Франциеи Британиа Дуи Украина ацхыраара азырҳаразы еиқәшаҳаҭхеит

Франциеи Британиа Дуи Украиназы ацхыраара аизырҳаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Британиа Ду аҧыза-министр иадминистрациа.

Борис Џьонсони Еммануель Макрони Германтәыла имҩаҧысуа  G7 асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҧылеит.

«Алидерцәа Украина иҟоу акризис иалацәажәеит. Дара ишазгәарҭаз ала,  уажәы аибашьра ахадаратә етап иҭагылоуп. Аҧыза-министри ахада Макрони ишазгәарҭаз ала,  аибашьраангьы аиҿцәажәарақәа раангьы Украина адгылара арҕәҕәара иазыхиоуп», — иануп Британиа Ду аҧыза-министр иадминистрациа аҳәамҭаҿы.