Франциа Украина анаҭоит хара иҧыруа аракетақәа
Франциа Украина анаҭоит хара иҧыруа аракетақәа

«Франциа Украина анаҭоит хара иҧыруа аракетақәа», — иҳәеит Франциа ахада Еммануель Макрон  Вильниус НАТО асаммит иалагаанӡа.

«Уажәтәи аҭагылазаашьеи Украина имҩаҧнаго аконтржәылареи иазҧхьагәаҭаны, Франциа Украина иҵегьы абџьари атехникеи аҭаразы аӡбара аднакылеит, Украина иаҳа ихараны аахарақәа рынагӡара алшарц азыҳәан.  Украинаа рхатә ҵакырадгьыл ахьчара рылшоит. Ҳара Украина хара иҧыруа аракетақәа аҭаразы аӡбара ҳадаҳкылеит», — иҳәеит  Макрон.