"Европатәи Қырҭтәыла" – Ҕарибашвили илахәызаара аиҿцәажәарақәа ирҧырхагоуп
"Европатәи Қырҭтәыла" – Ҕарибашвили илахәызаара аиҿцәажәарақәа ирҧырхагоуп

«Ҳара,  «Ақырҭуа гәахәтәы» изакәызаалак иҵаҵгәыркым ҿыҵгак ала  аиҿцәажәарақәа раҧыхра азин раҳҭом, избанзар 6 пунктк рыла ишьақәгылоу Шарль Мишель иплан ҳахәаҧшуеит аҭынчмҩала анапхгара аҧсахра аплан аҳасаб ала», — иҳәеит  «Европатәи Қырҭтәыла» алидер Гиги Угулава  «Алеибористтә партиа» аофис аҿы аоппозициаа реиҧылара ашьҭахь.

Иара убас, Гиги Угулава  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  аоппозициеи аиҳабыреи рыбжьара аиҿцәажәарақәа анеҩстәи араунд аҿы егьырҭ алидерцәагьы иалахәызарц.

«Ҕарибашвили илахәызаара аиҿцәажәарақәа ирҧырхагоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит, акризис аҭыҧқәҵара иацхраауам. Убри аҟынтә, «Ақырҭуа гәахтәы» рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абри аҩыза апровокациатә шьаҿа ҟамҵакәа, анеҩстәи араунд аҿы егьырҭ алидерцәа иқәдыргыларц», —  иҳәеит Гиги Угулава.