Европарламент- «Урыстәыла атероризм аспонсор тәыла»  ҳәа иазханаҵеит
Европарламент- «Урыстәыла атероризм аспонсор тәыла» ҳәа иазханаҵеит

Европарламент Урыстәыла атероризм аспонсор тәыла ауп ҳәа азханаҵеит. Европарламентарцәа иаҵшьны иазгәарҭоит урыстәылатәи мчқәеи урҭ рмарионеттә мчқәеи Украина аҭынч уааԥсыра ирҿагыланы гәҭакылатәи ажәыларақәеи ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму агәымбылџьбарақәаеи шынарыгӡоз, атәылауаҩратә инфраструктура шԥхасҭартәоз, жәларбжьаратәии агуманитартәи зин анормақәа шеиларгаз, ари зегьы атерористтә актқәеи арратә ацәгьуореи роуп.

Европарламент аинформациала, адепутатцәа “Урыстәыла атероризм аспонсор тәыла ауп” ҳәа иазхарҵеит.

Европарламент Евоеидгылеи уи иалоу атәылақәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵеит иашьашәалоу азинтә база аԥҵаны, Урыстәыла тероризм аспонсор тәылақәа рсиа анырҵарц.

Арезолиуциа иадгылеит 494-ҩык адепутатцәа, 58-ҩык иаҿагылеит, 44-ҩык рпозициақәа аадмырԥшит.