Европарламент аӡбарала Украина Евроеидгыла алахәыларазы акандидат астатус анашьан
Европарламент аӡбарала Украина Евроеидгыла алахәыларазы акандидат астатус анашьан

Европарламент аӡбарала Украина Евроеидгыла алахәыларазы акандидат астатус анашьан. Аихқәа ишаарыцҳаз, иашьашәалоу аӡбара 676-ҩык алахәылацәа рҟынтә 637-ҩык иалгылеит, 13-ҩык иаҿагылеит, 26-ҩык абжьыҭираҿ рҽааныркылеит.

Арезолиуциа ашьақәырӷәӷәаразы Евроеидгыла ахеилаки атәыла алахәылацәеи рахь ирышьҭуеит.

Европарламент аднакылаз адокумент Урыстәылатәи агрессиа иаҿагылоит.

Иацы Украина ахада Владимир Зеленски Украина Евроеидгыла зыԥшра ҟамҵакуа алаларазы арзаҳал инапы аҵаиҩит.