Еврокомиссиа – Римтәи астатус знапы аҵазҩыз аҳәынҭқаррақәа зегьы Путин ибаандаҩтәра иазку аордер нарыгӡалароуп
«Римтәи астатус знапы аҵазҩыз аҳәынҭқаррақәа зегьы Путин ибаандаҩтәра иазку аордер нарыгӡалароуп», — илҳәеит Еврокомиссиа авице-ахада Вера Иурова Европарламент апленартә аилатәараҿы данықәгылоз, ари аилатәара урыстәылатәи аруаа рыла украинатәи ахәыҷқәа рчыла рдепортациеи жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Путин ибаандаҩтәразы иҭнажьыз аордер анагӡареи иазкын.
Еврокомиссиа авице-ахада лҳәамҭала, Евроеидгыла Путин ибаандаҩтәразы аордер амч азханаҵеит.
Иара убас, Вера Иурова ишазгәалҭаз ала, уажәазы Евроеидгыла, мчыла адепортациеи Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аамҭала иалгоу ахәыҷқәа ҧас рыҟаҵареи азы аҭак зыҧхықәу 16ҩык асанкциақәа рзышьақәнаргылеит.