Еврокомиссиа изакәаным амигрантцәа рдепортациа аплан ҿыц  иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит
Еврокомиссиа изакәаным амигрантцәа рдепортациа аплан ҿыц  иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит

Еврокомиссиа изакәаным амигрантцәа рдепортациа аплан ҿыц  иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Бриуссель имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы ари аҳәамҭа ҟалҵеит аҩныҵҟатәиа усқәа рзы еврокомиссар Илва Иоҳанссон.

Лара ишазгәалҭаз ала, аплан ҿыц Евроеидгыла аҵакырадгьылаҿ изакәаным амигрантцәа рхыҧхьаӡара азҳара аанкылара иазкуп.

Иоҳанссон лҳәамҭала,  2022 шықәсазы Евроеидгыла аҵакырадгьыл иаҭааит  300 000ҩык изакәаным амигрантцәа, урҭ реиҳара ахыҵакырҭа аиура азин рымам.

Deutsche Welle  адыррала,  2022 шықәсазы Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иаҳәаз рҟынтә зегьы реиҳа  ирацәоуп Германтәыла атәылауаа.

Абарҭ адыррақәа рҿы иарбам Украина атәылауаа, избанзар, украина имҩаҧысуа аибашьра амшала, дара Евроеидгыла аҵакырадгьылаҿ анхара азин рымоуп.