Евроеидгыла Украина хәмиллиард евро иаҟароу афинанстә цхыраара апакет ҿыц азалнахуеит
Евроеидгыла Украина хәмиллиард евро иаҟароу афинанстә цхыраара апакет ҿыц азалнахуеит

Евроеидгыла Украина хәмиллиард евро иаҟароу афинанстә цхыраара апакет ҿыц азалнахуеит. Иашьашәалоу адокумент анапы аҵарҩхьеит. Ари атәы ааицҳаит Евроеидгыоа анагӡаратә вице-ахада, ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы акомиссар Валдис Домбровски.

Апакет ҿыц алхра дақәҿиҭит Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль.

“Аилибакаара амеморандум аҟынтә Украиа хәмиллиард иаҟароу амикрофинанстә цхыраара аиуеит”, – иҩит Шмыгаль “Твиттер” аҿы.

Шмыгаль Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени еврокомиссар Домбровскии иҭабуп ҳәа раиҳәоит.