Евроеидгыла Украина арратә цхыраара аҳасабла 500 миллион евро иаҟароу иашьҭанеиуа атранш азалхра адгылеит
Евроеидгыла Украина арратә цхыраара аҳасабла 500 миллион евро иаҟароу иашьҭанеиуа атранш азалхра адгылеит

Евроеидгыла Украина арратә цхыраара аҳасабла 500 миллион евро иаҟароу иашьҭанеиуа атранш азалхра адгылеит. Аӡбара Бриуссель, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рыдыркылеит. Аԥара Европа аҭынчратә фонд аҟнытә азалырхцеит.

Ари афонд аҟынтә Укаина ацхыраара аҳасаб алаазалхын 3,6 миллиардо евро.

„Ҳара Украина адгылар анаҳагӡоит. Украина аибашьраҿ аиааира агароуп, ҳара излаҳалшо ала ари аҿы ҳацхраауеит,” – иҳәеит адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак.

Жозеф Боррель иажәақәа рыла, иацҵаны 45 миллион евро алхра украинатәи аруаа рзыҟаҵаратә миссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны алырхуеит.