Евроеидгыла Донецктәи, Луганстәи, Запорожтәи,  Херсонтәи атәылаҿацәқәа Урыстәыла ала закәандарала раннексиа ҕәҕәала иақәыӡбоит
Евроеидгыла Донецктәи, Луганстәи, Запорожтәи,  Херсонтәи атәылаҿацәқәа Урыстәыла ала закәандарала раннексиа ҕәҕәала иақәыӡбоит

Евроеидгыла Донецктәи, Луганстәи, Запорожтәи,  Херсонтәи атәылаҿацәқәа Урыстәыла ала закәандарала раннексиа ҕәҕәала иақәыӡбоит. Ари атәы иануп Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқарра еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

«Ҳара изакәаным  «ареферендумқәа» хаангьы иазхаҳҵом,  Урыстәыла арҭ ареферендумқәа мҩаҧнагеит Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи аилагаразы. Ҳара хаангьы азакәандаратә аннексиа иазхаҳҵом.  Арҭ аӡбарақәа изакәызаалак аиуристтә мчы рымам. Ҟрыми, Херсони, Запорожиеи, Донецки,  Лугански — Украиноуп.  Аҳәынҭқаррақәа зегьы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абри азакәандаратә аннексиа мап ацәыркырц», — иануп Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқарра еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.