Евроеидгыла агуманитартә цхыраразы Украина иацҵаны 110 миллион евро азалнахуеит
Евроеидгыла агуманитартә цхыраразы Украина иацҵаны 110 миллион евро азалнахуеит

«Евроеидгыла агуманитартә цхыраразы Украина иацҵаны 110 миллион евро азалнахуеит», — иҳәеит агуманитартә цхыраареи акризистә ҭагылазаашьақәеи рызҵаарақәа рзы еврокомиссан Ианез Ленарчич. Ари аԥарантә 100 миллион евро Украина азалырхуеит, 10 миллион – Молдова инхо украинатәи ахҵәацәа.

Еврокомиссар иажәақәа рыла, аӡын Украина ауааԥсыра иацҵаны ауадаҩрақәа рзаанагоит, убри аҟынтә аԥара афинанстә цхыраареи, анхарҭеи, амедицинатә цхыраареи, апсихологиатә цхыраареи атәылауаа рыхьчареи рзы алырхуеит.

Аибашьра алагара ашьҭахь Евроеидгыла Украина агуманитартә цхыраара аҳасабла азалнахит 843 миллион евро.