Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура аплан иарбоуп Евроеидгыла атәылақәа рыла Украина абџьар аҭара аудит амҩаҧгара
Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура аплан иарбоуп Евроеидгыла атәылақәа рыла Украина абџьар аҭара аудит амҩаҧгара

Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура аплан иарбоуп Евроеидгыла атәылақәа рыла Украина абџьар аҭара аудит амҩаҧгара. Аҭыжьымҭа „Фаиненшел таимс“ ишану ала, аудит алҵшәақәа цәырыргараны иҟоуп  жәабран 1 азы имҩаҧысуа Евроеидгыла алидерцәа рсаммит аҿы.

Еврвоеидгыла амаҵзура ари аӡбара аднакылеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц  Евроеидгыла атәылақәа рыла Украина абџьар аҭара арбагақәа реиҿарҧшра данаҳәа ашьҭахь. Шольц игәаанагарала, 2024  шықәсазы Евроеидгыла атәылақәа Украина иарҭараны иҟоу абџьар маҷуп. Германтәыла алидер Украиназы арратә цхыраара аизырҳаразы ааҧхьара ҟаиҵеит.

Џьозеф Боррель имаҵзура аудит мҩаҧнагоит  Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа ицәырырго аматериалқәа рышьаҭала. Иара убас, „Фаиненшел таимс“ ишану ала, тәылақәак адыррақәа раргаматәра рҭахым.