Ентони Блинкен –  Урыстәыла агрессиатә хықәкқәа шамам агәра ҳнаргар аҭахызар, Украина аҳәаа аҟынтә рбџьармчқәа рықәгара иалагароуп
Ентони Блинкен –  Урыстәыла агрессиатә хықәкқәа шамам агәра ҳнаргар аҭахызар, Украина аҳәаа аҟынтә рбџьармчқәа рықәгара иалагароуп

«Урыстәыла агрессиатә хықәкқәа шамам агәра ҳнаргар аҭахызар, Украина аҳәаа аҟынтә рбџьармчқәа рықәгара иалагароуп», —  иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҧылара ашьҭахь .

Блинкен иҳәамҭала, иахьатәи аиҧылараҿы иара Сергеи Лавров иеиҳәеит  Америкеи европатәи рпартниорцәеи Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, аурыс арбџьармчқәа Украина аҳәаа иахысыр, жәларбжьаратәи ауаажәларра, еицҿакны, Урыстәыла асанкциақәа шазышьақәдыргыло.

«Ахада Зеленски саниҧылоз ашысҳәаз еиҧш, ҳара аимак аҭыҧқәҵаразы адипломатиеи адиалоги еиҕьаҳшьоит. Аха, Урыстәыла Украина иаҿагыланы агрессиа нанагӡар, ирласӡаны иахәҭоу аҭак ҟаҳҵоит», — иҳәеит Блинкен.

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, Урыстәыла ҩ-мҩак амоуп  —  аҭынчреи ашәарҭадареи зхылҵуа адемократиа амҩеи, аиҿагылара дуи жәларбжьратәи ақәыӡбареи зхылҵуа агрессиатә мҩеи.

Ентони Блинкен иҳәамҭала, Америкеи уи адгылаҩцәеи аҩ-мҩак рзы ихиоуп.

Иара убас, Блинкен ишазгәеиҭаз ала, Америка Урыстәылантә иаиуз ажәалагалақәа рзы аҩырала аҭак ҟанаҵоит иааиуа амчыбжь азы.

Блинкен ишиҳәаз ала, иара Сергеи Лавров иеиҳәеит Америкеи европатәи апартниорцәеи  иззықәҧо ахадаратә зҵаарақәеи апринципқәеи шыҟоу, арҭ апринципқәа рзы акомпромисс шыҟамло, арҭ апринципқәа иреиуп НАТО иаарту ашәқәеи Украина жәлар ахатә аҧеиҧш алхразы ирымоу азини.

Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ишазгәеиҭаз ала, Урыстәылаҟны еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы аусеицура ҟалоит, аха, уи азыҳәан, дара Украина аҿагылара иаҟәыҵроуп.